Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чачибаиаԥҳа: сҵаҩцәа зегьы бзиа избоит,  аха акласс анҭыҵ ауп санырҩызоу

© Sputnik Астанда Чачибая
Астанда Чачибая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акәашаратә ансамбль "Ашара" асахьаркыратә напхгаҩы Асҭанда Чачибаиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷқәа аус рыдуалараҿы хаҭа-хаҭала рызнеишьа шаҭаху.  
Чачибаиаԥҳа: сҵаҩцәа зыгьы бзиа избоит, аха акласс анҭыҵ ауп санырҩызоу

"Ҳансамбль алахәыла зегьы иреиҵбу хәышықәса ихыҵуеит. Акәашаҩцәа зегьы хаҭа-хаҭала рызнеишьа аҭахуп, аӡәы ирӷьеҩны иаҳәатәуп, даҽаӡәы ирхааны. Ҳәарада, схәыҷқәа зегьы бзиа избоит, аха аҵара анырҵо дара сареи ҳаиҩызцәам. Ансамбль ахьӡала иҟоуп ааԥхьарақәа, аха ҳцара-ҳаара зегьы аҭаацәа роуп зхахьы изго аҟнытә, ус имариам ҳтәыла анҭыҵ аицлабрақәа ҳхы рылаҳархәыртә еиԥш аиҿкаара. Иахьазы ансамбль жәа-кәашарак амоуп, еиҭа иацысҵап ҳәа сгәы иҭоуп, уажәы ҿыцны иаҳҵоит Акушинтә кәашара. Ирцәыцәгьоуп, ҳәарада, аха иқәҳаргылап ҳәа сгәыӷуеит", - ҳәа азгәалҭеит  Чачибаиаԥҳа.   

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0