Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: аиқәырхаҩ иусура иацу аџьабаа зымбац изеилкааӡом

© Sputnik / Томас ТхайцукЛев Квициния
Лев Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит аусбарҭахь иасны амц зҳәо ауааԥсыра аԥырхага ду шрырҭо. 
Кәыҵниа: аиқәырхаҩ иусура иацу аџьабаа зымбац изеилкааӡом

"Иаҳҳәап, амцакра аныҟалаҵәҟьа, жәохәҩык инареиҵамкәа, хԥа-ԥшьба машьынала амцарцәаҩцәа ацхыраара ҟарҵоит. Ашьха акәзар, уахь аҳауалеи шьапылеи ҳрышьҭалоит. Уи даара аџьабаа зцу усуроуп. Изымбац, имныҟәац изеилкааӡом. Џьара машәырк аӡәы дақәшәазар, ҳара ҳахиоуп уахынлагьы-ҽынлагьы ацхыраара аҟаҵара, аха ианыҵабыргым, ианиашам, уи ахәынҭқарра иаԥырхагоуп ҳәа сгәы иаанагоит", -  азгәеиҭеит Кәыҵниа.  

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0