Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарԥҳа абнақәа ауаа ахархәарахь рыҭара иазкны: абна ахьчаразы аԥҟарақәа гәцаракуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаура Тарба
Лаура Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсык аԥхьа абнатә нхамҩа иаҵанакуа адгьылқәа ауаа ахархәарахь рыҭаразы азин ҟаҵан. Ари ақәҵара зхы иазырхәаз ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ҳтәыла абнатә нхамҩа аусбарҭа абнанхамҩа аҟәша аиҳабы Лаура Ҭарԥҳа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Ҭарԥҳа абнатә нхамҩа адгьылтә ҵакырақәа иазкны

"Ари аамҭа иалагӡаны ҳара ҳахь арзаҳал рҩит аиҿкаара "Сакьан".  Дара ирҭахын 2,5 гектар адгьыл Гәылрыԥшь араион иахьаҵанакуа. Аминистрцәа Реилазаара азин рырҭеит адгьыл ахархәаразы. Макьана, аусурақәа ирыламгац, аха аиҿкаара аусурақәа рхацыркразы ишеиқәшәо атәы адырра ҳамоуп. Чхалҭа азааигәара иҟоуп аӡҵәыҵәы, уи аҭып ауаа радыԥхьалара ргәы иҭоуп. Апроект аинтерес аҵоуп, ауаа ргәабзиара аиҭашьақәыргаларазы ихәарҭахоит. Араҟа абна ахьчара иаҵанакуа аԥҟарақәа зегьы хшыҩзышьҭра рыҭахоит, абна ашәарҭара иҭагылахом", - ҳәа азгәалҭеит Ҭарԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0