Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лазба: арбагақәа иаҳдырбоит афымцалашара ахә ахымшәаара алеишәа ишахҟьо

© Sputnik Инал Лазба
Инал Лазба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Избан ҳтәылауаа алашара ахә ахшәаара зырцәыцәгьоу, изыхҟьозеи уи? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭиира" аиҳабы Инал Лазба.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Лазба афымцалашара ахә ахшәаара иазкны

"Мрагыларатәи араионқәа руааԥсыра роуп еиҳарак усурада иҟоу, аха алашара ахә ахшәааразы урҭ араионқәа рҿы иҟоуп адинамика. Тҟәарчал арбагақәа еиҳа еиӷьуп, иаҳҳәап, Очамчыра аасҭа, динамикала Аҟәа араион аасҭагьы. Уи ала еилкаахоит алашара ахә ахымшәаара еиҳарак изыхҟьо алеишәа шакәу, амамзаара аасҭа. Ҳара хаҭала амамзаара азҵаара ҳазнеит. Еиҳарак зҭагылазаашьа уадаҩу алашара ахә рмаҷны ахшәаара азин рымам, аха аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа уахь иаҵанакуеит. Ари азҵаара аӡбаразы уажәы альготақәа змоу реиҭаҭаҩра ҳаҿуп, уи ашьҭахь иҳауеит ииашоу арбагақәа, анаҩс ауп аԥсахрақәа ралагалара анҳалшо", - ҳәа азгәеиҭеит Лазба.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

 

Ажәабжьқәа зегьы
0