Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Иван Какалиа: ача ахә иацҵамзар "ахы ҭнагом"

© Sputnik / Томас ТхайцукИван Какалия
Иван Какалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи ачазауад аиҳабы Иван Какалиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит ача ахә ашьҭыҵра зда ԥсыхәа аманы иҟамыз шьаҿоуп ҳәа.
Иван Какалиа: ача ахә иацҵамзар "ахы ҭнагом"

"Азауадқәа ирӡо ача ахә шышьақәгылоу, аиҵаԥхьаӡара (калькулиациа- аред.) арбоуп. Уи аҟны абылтәы ахә литрак азы 32 мааҭ арбоуп, ачашыла ахә кьылак азы 20 мааҭ. Иахьа зегьы рыхә иацлеит, ачашыла кьылак 26 мааҭ иаԥсоуп, абылтәы 44 мааҭ. Ҳара иаҳдыруеит ача ахә ацлара ажәлар рзы ишыуадаҩу. Ача 24-25 мааҭ иаԥсахоит. Ҳәарада, 4-5 мааҭ ауаҩы изы ԥароуп. Аха ҳара ҳабацари, ишԥаҟаҳҵари? Иахьа азауадқәа хашәалада аус руеит, азарал ҳамоуп. Уаҳа ԥсыхәа амамкәа ианыҟала ауп аиҳабыра рахь ҳанца, даҽакала ӡбашьак амамызт. Ҳаргьы ажәлар ҳреиуоуп, ҳаргьы иаҳҭахымызт ача ахә иацлар, аха иахьа игәашәҭ ҳааигәа иҟоу, мамзар Урыстәыла егьырҭ ақалақьқәа рҟны аума ача ахә 20 мааҭ иахьаԥсоу. Уи аҩыза џьаргьы иҟам. Ачашыла ҳара иаҳтәны, ахә марианы  иҳауазар, ҳәарас иаҭахыузеи хәмариала иаҳҭиуан, аха иҟалаз иахьа ахы ҭнагом ауп", - иҳәеит Какалиа.

Ача ахә 3 мааҭк иацлоит ашәахьа, жәабран 4 инаркны. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны аминистрцәа реилазаара аофициалтә саит. Аиҳабыра рықәҵараҟны иарбоуп ачашыла иреиҳаӡоу асорт иалху ча хык 24 мааҭ ишаԥсахо, актәи асорт иалху - 23 мааҭ, ачашыла аҩбатәи асорт иалху – 22 мааҭ.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0