Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба иҳәеит ашколқәа рҟны акарантин рылаҳәахар аналшо атәы

© SputnikАԥсны ҵареи аҭҵарадырреи рминистр Адгәыр Какоба
Аԥсны ҵареи аҭҵарадырреи рминистр Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи аҭҵарадырреи рминистр Адгәыр Какоба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит ашколқәа рҟны акарантин рылаҳәахар аналшо атәы.
Какоба иҳәеит ашколқәа рҟны акарантин рылаҳәахар аналшо атәы

"Иаҳхысыз амчыбжь инаркны аҵара аминистрра ирлас-ырласны ашколқәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа аилкаара ҳаҿуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ицәырҵыз ачымазарақәа ирыхҟьаны ашкол ахь имныҟәа рхыԥхьаӡара рацәахо иалагеит. Араионтә ҵараҟәшақәа рдыррала Тҟәарчал, Очамчыра, Гәдоуҭа араионқәа рҟны ахәыҷқәа аҵара иагхаӡом, иныҟәоит, еиҳаны ашколхәыҷқәа ахьагхо Аҟәа ақалақьи Пицундеи, иара убас иахьа Гәылрыԥшь арионгьы ацлеит. Агәабзиарахьчара аминистрреи ҳареи аицәажәарақәа мҩаԥаагахьеит аепидемиологиатә станциа аусзуҩцәа агәаҭарақәа ирҿуп ахәыҷқәа ичмазаҩханы имнеиуа, мамзаргьы аҭаацәа шәаны ашкол ахь инармышьҭуа", - иҳәеит Какоба.

Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Аминистр иазгәеиҭеит ашкол аҟны ҩажәа процент еиҳаны ахәыҷқәа ачымазарақәа ирыхҟьаны иагзар акарантин рыларҳәар акәхоит  ҳәа. Аха иахьазы ус еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам, агәабзиарахьчара аминистрра уи аҩыза алаҳәара макьана иҟаҵатәуп ҳәа аԥхьаӡом, иҳәеит аминистр. Убри аан иазгәеиҭеит акарантин анрылаҳәаха, уи шаҟа аамҭа ицо аҟара аҵарашықәс иацҵахоит ҳәа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0