Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа: анефт иаахтны излацәажәатәу зҵаароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Ауаажәларратә палатаҿы аекспертцәа аларахәны  иалацәажәан Аԥсны анефт аԥшаара азҵаатәы, ари атема ҳтәылаҿы иҵарны иқәгылоу, ауаа ргәы иҵхо акәны иҟоуп. Аԥсны анефт аҵхра азҵаатәазы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа. 
"Хра злоу ахҭысқәа": Кәарҷиа анефт иазкны

"Азҵаарақәа рацәахеит - аҭакқәа маҷхеит. Аҭак иҭҵааны аӡәгьы имаӡам. Анефт иахылҿиааз ацәажәарақәа зыхҟьаз ажәлари аиҳабыреи ирыбжьоу агәреибамгароуп. Ари даҽакала изызнеитәу зҵаатәуп. Ауаа анефт иаҳнаҭо, уи иацу ашәарҭара атәы, иззыҟаҳҵо – абри зегьы ауаа идеилыркаатәуп. Азакәангьы иахьатәи аҭагылазаашьа иазыҟаҵаӡам. Аха зегьы реиҳа ихадоу зҵаараны ауаажәларра ишьҭырхыз убри ауп, иара аинвестор ихаҭа дазусҭада? Ицәыҵагәан иахьыҟарҵо, имаӡоушәа иахьыҟарҵо, азҵаарақәа рацәаны ишьҭнахит. Анефт азҵаара зегьы рхы иадырхәо, иалацәажәо иалагеит, аха ари ус еиԥш изызнеитәу усым, зҵакы ҳараку усуп. Макьана аӡәгьы издырӡом иҳамоу абеиара, ахаҭабзиара зеиԥшроу, абри зегьы иаахтны иҳәатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0