Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ферзба: узлоу ажәлар бзиа уанырбо –уқәра унырӡом

© Sputnik Анри Ферзба
Анри Ферзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, ахореограф, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа арҵаҩы, ашәаҳәаҩ Анри Ферзба иира амш аҽны арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит иреиҳау ҳамҭаны ишиԥхьаӡо истудентцәа дахьыргәалашәо.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ферзба ииубилеи иазкны

"Сара сзы зегьы  иреиҳау ҳамҭоуп сыстудентцәа, аҵара иалгахьоу налаҵаны еицны иааины сыргәыдыҳәҳәаланы иансыдырныҳәала, сахьыргәалашәо ҳамҭа дууп. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, ахәыҷқәа ирызҳауеит, ҳара ҳашықәс иацлоит, аха макьана ҳҽаҵаҳархом. Ажәлар уанрылоу, бзиа уанырбо - уажәӡом, уқәрагьы уи аҟара иуныруам ҳәа сгәы иаанагоит. Хынҩажәеи хәба шықәса схыҵҵәҟьама, схәыцуеит, ажәлар уанрылоу уқәра ухашҭуеит", -ҳәа длафуеит аиубилиар.

Иаҳа инеиҵыху аицәажәара арадио Sputnik Аԥсны аҟны шәазыӡырҩыр шәылшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0