Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чагәааԥҳа авокалтә проект "Орфеи" иазкны: алахәылацәа ҳрышьцылеит

© Foto / Сельма ЧагаваСельма Чагава
Сельма Чагава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҿы имҩаԥысуа амузыкатә проект "Орфеи" афиналбжатә концерт ацашьеи, аицлабра аԥҟарақәа рыҽзеиҭаркызи атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит апроект апресс-маӡаныҟәгаҩ Сельма Чагәааԥҳа.
Чагәааԥҳа авокалтә проект "Орфеи" иазкны: алахәылацәа ҳрышьцылеит

"Ҳалахәылацәа даара ибзианы рхы аадырԥшит. Аҩбатәи аконцерт аҿы иԥҟара хаданы иаҳзықәгылан аԥсуа шәа анагӡара, ахԥатәи аконцерт аҿы – урысшәала, мамзаргьы атәым бызшәала. Аконкурсантцәа зегьы ҩыџьа-ҩыџьала ашәа еицырҳәон, ироуаз абаллқәа уаанӡа ирымаз ахь иахыԥхьаӡалахоит, анаҩс аицлабра зегьы аихшьаалала еилкаахоит аиааира згазгьы. Уажәнатә хәҩык ахәыҷқәа алукаартә иҟоуп. Аицлабра аформат маҷк аҽаԥсахит, хәҩы-хәҩыла абаллқәа иаҳа имаҷны изауа иалҵуеит ҳәа ҳҳәахьан, аха ахәыҷқәа ҳрылашьцылеит, даргьы ираҳҭеит аҭагылазаашьа рхы аарԥшразы", - ҳәа азгәалҭеит Чагәааԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0