Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Соломко: ахәаҷа-маҷа рхы шаацәырыргалак, апальмақәа рыхәышәтәра ҳалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМурман Соломко
Мурман Соломко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Мурман Соломко арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит еиуеиԥшым ахәаҷа-маҷақәа рҟнытә апальмақәа рыхәышәтәра анхацыркхо.
Соломко: ахәҷа-маҷа рхы шаацәырыргалак, апальмақәа рыхәышәтәра ҳалагоит

"Апальмақәа бжьызхуа абжқәа макьана рҽырҭынчны иҟоуп. Аԥхарра шьаашьақәгылаз апрофилактика ҳасабала ахәышәтәра мҩаԥгахоит. Аԥсны ахы-аҵыхәа иҳазхаша ахәшә ҳамоуп, амшқәа шьақәгылаанӡа ҳәа ҳаԥшуп. Аԥхарра шааҟалалак ахәаҷа-маҷа афатә иашьҭалоит, иҿиарц рҭахуп, убри аҟнытә усҟан ахәшә ақәҭәара иаҳа хра аманы иаабоит. Иара ахәшәгьы анақәуҭәалак ашьҭахьгьы ԥшьымш раҟара ақәа амуазароуп, ақәа леир, ахәшә аӡәӡәоит. Убри аҟнытә уахынлеи-ҽынлеи еиҟараны аԥхарра шааҟалак, абжқәа рхы шаацәырыргалак, апальмақәа рыхәшәтәра ҳалагоит. Уажәы ишьақәгыланы иҟоу аԥхарра, уи ҳаззыԥшу акәӡам, уахынла макьана ихьшәашәароуп, ԥшьба –ҩба градус рҟынӡа ахьҭа ыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Соломко.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы. 

Ажәабжьқәа зегьы
0