Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьениа Москва имҩаԥгаз асахьаҭыхыҩцәа реизара ду азы: иҳахәаша алкаақәа ҟасҵеит

© Sputnik Витали Џьениа
Витали Џьениа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Москва имҩаԥысуаз Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа реидгыла хәышықәсатәи аусура аихшьаала иазкыз аизара ду аҟны иаликааз, иара убас уа иеиҿкааз ацәыргақәҵаҟны иусумҭа шӡыргаз.
Џьениа Москва имҩаԥгаз асахьаҭыхыҩцәа реизара ду азы: иҳахәаша алкаақәа ҟасҵеит

"Хәышықәса рыҩнуҵҟа имҩаԥысыз ахҭысқәа ирызкын аизара иалахәыз рықәгыларақәа, хәарҭара злоу ацәажәарақәа ыҟан. Иаҳзымдыруаз азҵаарақәа, ҳаԥхьаҟа иҳахәараны иҟоу аусқәагьы ааԥшит ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥсны ҩынтә-хынтә аӡбахә рҳәеит, избанзар Москва ацәыргақәҵақәа ҳхы рылаҳархәхьеит. Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа жәохәҩык Урыстәылатәи аидгыла ҳалоуп. Дареи ҳареи ҳаиҿцаауеит, убри аҟынтәи ааԥхьара сырҭеит. Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа реидгыла уаажәларратә еиҿкаарак аҳасабала ахала ахы ныҟәнагоит ҳәа агәаанагара сыман, аха уи ус акәӡам. Аҳәынҭқарра даара ацхыраара ду рнаҭоит - атәанчахәы, аҟазарҭақәа уҳәа. Ҳаргьы ҳаизҳаразы ҳхы иаҳархәаша, аԥхьаҟа иқәҳаргылаша азҵаарақәа ҳрызхәыцроуп. Дара реидгыла иалоу цхыраарак ҳарҭартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп. Аха уи аидгыла иалам аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҳҳәынҭқарра рыхәаразы, уи аҿаԥхьа иқәҳаргылаша азҵаарақәагьы ртәы алыскааит", - иҳәеит Џьениа.

Иара дазааҭгылеит Урыстәылазегьтәи асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵа ду ахь аусумҭақәа шалырхуа, иҳәеит сынтәа иӡыргаз асахьақәа рыҩаӡара шыҳаракыз.

"Даара ирызҳаит аурыс сахьаҭыхыҩцәа, аус руеит, ҳаргьы урҭ ҳархьыԥшны ҳаиӷьхар бзиан", - иҳәеит Џьениа.

Жәабран 27 рзы Урыстәыла асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатит Урыстәылазегьтәи ацәыргақәҵа "Урыстәыла ХIII". Уаҟа ицәыргоуп афедералтә ҳәааҭақәеи арегионқәеи зегьы рҟынтәи аҟазацәа русумҭақәа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0