Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гындиа еиҭеиҳәеит Очамчыра аԥсыӡзауад аҵәахырҭаҿы амцакра шыҟалаз

© Sputnik / Томас ТхайцукСатбей Гиндия
Сатбей Гиндия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыратәи аԥсыӡзауад аҵәахырҭа амцакра атәы.
Гындиа инарҭбааны еиҭеиҳәеит Очамчыра аԥсыӡзауад аҵәахырҭаҿы амцакра атәы

"12:14 рзы Очамчыра ақалақь абылраҽацәыхьчаратә ҟәшахьы иасны адырра ҟарҵеит аԥсыӡзауад амца акит ҳәа. Уахь ишьҭын х-машьынак, аҭыԥаҿ еилкаахеит аԥсыӡлых-шыла ахьыҩнагылаз ахыбра амца амҽхакны ишыҟаз. Амцакра зыхҟьаз макьана еилкаамкәа иаанхоит, уи аҭҵаара иаҿуп ҳаспециалистцәа. Амца арцәаразы Очамчыраҟа ишьҭын Аҟәеи Гәылрыԥшьи рҟынтә амцарцәаҩцәа. Азауад аусзуҩцәа ражәақәа рыла, зоура 45 метри зыҭбаара 15 метри иҟаз ахыбра зегьы аԥсыӡ-шылала иҭәын. Амцарцәаҩцәа ҩ-сааҭки бжаки амца арцәара иаҿын, аӡәгьы машәыр имыхьит", - ҳәа азгәеиҭеит Гындиа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Инарҭбаау ажәабжь шәаԥхьар шәылшоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0