Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қьецба: амимозашәҭ аҳәаа ахыгаразы ԥынгыла ыҟам

© Foto / предоставлено Алмасханом КецбаАлмасхан Қьецба
Алмасхан Қьецба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵиаақәа рзы аҳәынҭқарратә карантинтә хылаԥшра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алмасхан Қьецба арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит амимозашәҭ Ԥсоу аҳәаа ахыгараан аҭагылазаашьа зеиԥшроу, шаҟа ашәахтә ақәу, бжьаратәла иахьазы ахә зеиԥшроу атәы.
Қьецба: амимозашәҭ аҳәаа ахыгаразы ԥынгыла ыҟам

"Иахьа хәажәкыра 5 рзы 160 тонна амимоза ыиаргахьеит. Сынтәа иаҳа заа аидкылара иалагеит, аԥхарра иахҟьаны иблызгьы ашәҭ рацәоуп. Ҵыԥх иаҿурԥшуазар, сынтәа иахыргаз акыр еиҳауп. Напыла 5 инаркны 120 кьыла рҟынӡа ииаргоит, ашәҭ аиагараҟны аҳәааҿы ԥынгыла ыҟам. Аԥсуаа ҳганахьала ииарго амимоза кьыла цыԥхьаӡа 3 мааҭк ашәахтә ақәуп, акарантин аганахьала ақьаад 150 мааҭ ахыршәаауеит. Излаҳбо ала, кьылала сынтәа ииазго иаҳа ирацәаҩуп. Ахә атәы ҳҳәозар, иахьазы ҳара ҳганахьала 100-120 мааҭ рҟынӡа инеиуеит, аурысцәа рганахьала - 250-300 мааҭ рҟынӡа", - иҳәеит Қьецба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0