Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыргәлиа: Очамчыра араион аҿы амармалташьтә пты рыдыркылалоит жәамш рахьтә знык

© Foto / предоставлено Эшсоу ГургулияЭшсоу Гургулия
Эшсоу Гургулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амармалташьтә пты араионқәа рҿы аизгара шеиҿкаахо, уи ахәԥса шахыршәаало атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ешсоу Гәыргәылиа.
Гәыргәлиа: Очамчыра араион аҿы амармалташьтә пты рыдыркылалоит жәамш рахьтә знык

"Урыстәыла ақыҭанхамҩа аҟнытә иааны иҟаз аделегациа злахәыз аилацәажәараҿы иазгәаҭан, Аԥсны ахәаҷа-маҷақәа аԥхасҭа иҟарҵо иаҿагылан ақәԥаразы - ауаажәларра амармалташьтә пты аизгара рылаҳәарцаз, уи анаҩс ирыҟәшәо азы аԥара рызшәахарц. Очамчыра араионаҿ иалаҳхуеит иҷыдоу аҭыԥ, жәамш рахь знык апты ахьрыдыркылало. Иааиуа зегьы ирыцзароуп ашәҟәқәа. Анхаҩы ихьыӡ арбаны, иааигаз капанны аԥара изшәахоит. Кьылак азы зықьмааҭ рыҭахоит. Хәыжәкырамза жәохә рзы актәи аԥара ахшәаара ҟалоит. Мшаԥымза нҵәаанӡа амармалташьтә пты убfс ирыдыркылаларц ргәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гәыргәлиа.    

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио SputnikАԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0