Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит напыла иҟәшәоу аптқәа рыдкылара Гал ианалаго атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукГал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба
Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион ақыҭанхамҩа аусбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты иаҿагыланы ақәԥаразы имҩаԥырго ауснагӡатәқәа ртәы.
Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит напыла иҟәшәоу аптқәа рыдкылара Гал ианалаго атәы

"Гал араион аҟны аштаб еиҿкааны иҳамоуп, уи напхгара аиҭоит араион ахада Ҭемыр Надараиа, ихаҭыԥуаҩс сара сыҟоуп. Аусура ҳалагеижьҭеи мчыбжьык иназынаԥшуеит. Араион аҟны иҭацәу аҩнқәа рыла ахәшәтәра ҳалагоит. Ахәшәқәа Урыстәылантәи иаҳзаарышьҭроуп, ҳарзыԥшуп. Егьыс араион аҟны напыла аҟәшәара рылаҳҳәеит, акьыла азы 1000 мааҭ аԥара  шроуа раҳҳәеит. Иааиуа аԥшьашазы иара (апты-аред.) адкылара ҳалагоит. Ҵыԥх араион аҟны 2 тоннаки бжаки инарзынаԥшуа еизган, сынтәагьы убри аҟынӡа ҳнеиуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Ҵыԥхтәи ашықәс азы иара (апты-аред.) 60-70 процент рҟынӡа напыла иҟәшәан. Амашьына-трактортә станциаҟны еиқәыршәаны игылоуп атракторқәа хәба, ахәшә шааҳаулак ахәшәтәрақәа ҳрылагоит. Ақыҭақәа рҿы имҩаԥааго агәаҭарқәа рыла иаҳбоит иахьазы ҵыԥх аасҭа 50 процент рҟынӡа ишеиҵоу", -  иҳәеит Ҵәыџьба.

Иара иазгәеиҭеит ахәшәтәрақәа ишахәҭоу имҩаԥгахар аптқәа шьаҭанкыла инымҵәаргьы рхыԥхьаӡара жәа-процентк рҟынӡа инеир шалшо.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0