Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит актәи акласс ахь ахыԥхьаӡаларазы ашәҟәқәа ралаҵашьа атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукЛиудмила Адлеиԥҳа
Лиудмила Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь Аҵараҟәша аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь ашколқәа рахь актәи акласс ахь сынтәа ицо рҭаацәа ашәҟәқәа реиқәыршәара ианалагаша.
Адлеиԥҳа еиҭалҳәеит актәи акласс ахь ахыԥхьаӡаларазы ашәҟәқәа аналаҵатәу

"Аҵарашықәс ахыркәшамҭаз аҭаацәа ироуеит адырра, ашколқәа рҟны адкылара ишалаго атәы. Иаҭаху ашәҟәқәа еиқәдыршәоит, изҭаларц зҭаху ашкол адиректор лыхьӡала арзаҳал рыҩуеит, анаҩс ашкол иахыԥхьаӡалахоит. Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп ашколқәа 14, иара убас ацхыраагӡатә школи латәарадатәи ашколи. Ақалақь агәҭа иҟоу ашколқәа рахь иааиуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәоуп. Убри аҟнытә аклассқәа еихаҳшоит. Аҭаацәа ԥымкрада рарзаҳалқәа ҳадаҳкылоит, аха урҭ ашколқәа рҿы, ишаԥу еиԥш, есышықәса ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәахоит, избанзар ааигәа-сигәа инхо ракәымкәа, ақалақь иаҵанакуа араионқәа зегьы рҟынтә ақалақь агәҭахьы иааганы иҭарҵар рҭахуп. Акласс аҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 25-ҩык иреиҳамзар ауп ҳәа ақәҵара ҳамоуп, аха класск аҿы 40-ҩык аныҟоу убап. Аҭаацәа, иага урацәажәаргьы, ҳара азин ҳамоуп ҳхәыҷы иахьаҳҭаху иҭаҵара ҳәа иааудгылоит", - ҳәа азгәалҭеит Адлеиԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.   

Ажәабжьқәа зегьы
0