Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиа агәамсам азы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны: исгәаԥхом сахьаланхо

© Foto / предоставлено Алясом Кварацхелия Аляс Кварацхелия
Аляс Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭа иалаланы агәамсам еизызгаз арԥыс Алиас Кәарцхьиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иазгәеиҭеит адәаҟны аҟьамсар кажьны ианибалак игәы ишазымчҳауа, зааҵраҿы агәам казыжьуа иакәзар - дшеизеилымкаауа.
Алиас Кәарцхьиа: исгәаԥхаӡом аҟьамсар сахьаланхо

"Агәамсам азы иҟоу аҭагылазаашьа сгәаԥхом, исгәаԥхом аҟьамсар сахьыланхо. Раԥхьа аизгара саналгоз, уи ҩышықәса ҵуеит шьҭа, сҩыза ҷкәынак дсыцхрааит. Усҟан рацәак ҳзеизымгеит. Еиҳарак агәам ахьалажьу абардрақәа рҟны ауп. Аиаҵәара андәықәлалак зегьы убаӡом, уажәазы агәам ахькажьу убоит, унеины унадгылоит. Сгәы ҵәыуеит ак кажьны ианызбо, дарбанзаалакгьы бзиа ибоит ҳәа сыҟам. Аха сгәаанагарала, ауаҩы амҩан агәам казыжьуа, аҩнгьы ус икаижьуеит. Ари ҳхаҿоуп, иаауа Аԥсныҟа уи ауп иибо. Ари ҳхәыҷқәагьы ирзеицәахоит. Зегьы ҳаидгылан иҳамрыцқьалар, есааира еиқәылалоит, нас азауадгьы ҳахәом", - азгәеиҭеит Кәарцхьиа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0