Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ӷәарзолиа Тҟәарчал иргылахаз ахәмаррҭатә ҭыԥ азы: ҳнапы ааилаԥсаны иҳалҳаршаз ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукДамир Горзолия
Дамир Горзолия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ҿыц иргыло ахәыҷқәа рзы аспорттә ҭыԥ аҟаҵара шалыршахаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчал араионтә еизара ахантәаҩы Дамир Ӷәарзолиа.
Ӷәарзолиа Тҟәарчал иргылахаз ахәмаррырҭатә ҭыԥ азы: ҳнапы ааилаԥсаны иҳалҳаршаз ауп

"Ахәмаррҭатә ҭыԥ ргылоуп анхарҭатә ҭыԥқәа рзааигәара, ауаа рацәа ахьынхо, аџьармыкьа аҿаԥхьа. Ас еиԥш аҭыԥқәа Тҟәарчал еиҿкааны иҳамамызт. Иара азааигәара инхо рымацара ракәымкәа ақалақь зегь аҟынтә уахь раамҭа рхыргартә еиԥш инеиуеит. Ааигәа инхо ари аус аџьабаа ду адырбалеит, жәларбжьаратәи аилак иабзоураны иаахәан амаругақәа, аха аргыларазы иҳамамызт аԥара. Убри аҟнытә ҳхала ари аус ҳалагеит. Анаҩс аҭыԥантәи ауааԥсырагьы адгылеит. Доусы илшоз ҟаиҵон. Абас ҳнапы ааилаԥсаны иҳаргылеит. Иџьоушьаша, араҟа ихәмаруа ахәыҷқәа џьара ак рфозаргьы, акгьы карыжьӡом. Ақалақь аҟнытә иааиуа рҩызцәагьы уи азы азин рырҭом. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп ари аҭыԥ ариаҵәара, арԥшӡара", - ҳәа азгәеиҭеит Ӷәарзолиа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0