Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиа Аҟәатәи агәамсамкаԥсарҭазы: азҵаара ианаамҭаз ахы ркызҭгьы ирыӡбахьазаарын

© Sputnik / Томас Тхайцукажурналист Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
ажурналист Сариа Кәарцхьиаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алашарбага аҳаблаҿ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аӡбараз иҟаҵатәу азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит ажурналист Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Кәарцхьиа Аҟәатәи агәамсамкаԥсарҭазы: азҵаара аханатә ахы ркызҭгьы ирыӡбахьазаарын

"Сара схаҭагьы сынхоит Алашарбага аҳаблаҿы, иахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьала ари азҵаара аӡбараҿы иаку акахьы иааибагароуп ҳтәыла анапхгареи ауааԥсыреи. Уи азы иаҭахуп аиҿцәажәара. Алашарбага аҳабла ауааԥсыра ари азҵаара изныкымкәа ишьҭырххьеит, иара аханатә аӡбра нап аркызҭгьы шьҭа аҭыԥ иқәҵахазаарын. Ауаа зыргәамҵыз убри ауп, ирҳәо хырҩа арҭон, зегьы иақәдыргәыӷуан, аха аҭагылазаашьа есааира иуадаҩхон акәымзар,- еиӷьхомызт", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара гәылрыԥшьаа рахь аҳәара ҟанаҵоит

Алашарбага араион ауааԥсыра рҿагыларатә акциа инадҳәаланы Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа ирыгәҭакуп Гәылрыԥшьтәи рколлегацәа рахь аҳәара ҟарҵарц аамҭала гәылрыԥшьтәи аполигон аҿы аҳҭнықалақь аҟнытә агәамсам уахь инаргарц. Ари азҵааразы  аҭагылазаашьа шыҟац иаанхоит. Алашарбага ауааԥсыра ракциа шцац ицоит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0