Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа: Аԥсны атәыла ахада имаҵзурахьы ицо идыруазароуп ихатәы бызшәа

© Sputnik / Томас ТхайцукИлона Кәыҵниаԥҳа
Илона Кәыҵниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иалхразы аԥҟарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, аҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ Илона Кәыҵниаԥҳа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Кәыҵниаԥҳа алхразы азакәан аԥсахрақәа алагалара иазкны

"Аԥсны атәыла ахада ихатәы бызшәа идыруазароуп ҳәа азакәан аҿы иахьану уи нонсенсуп. Уи улымҳәа ҵнахаауеит, даҽаџьара унхозар, аха ҳара ҳбызшәа ҳазхьаԥшырцаз, ҳхы ҳахьчарцаз ҳәа акы ҳаҿуп. Сара уи садгылоуп. Иҟоуп, изҳәо - аԥсшәа изымдыруазаргьы, дуаҩ ҟәышәзааит ҳәа. Иага дхазыназаргьы, ахатәы бызшәазы аԥышәара аҭара аԥҟара уавсыр ҟалаӡом. Амыцхә ҳҵәахуеит, амыцхә иҳарԥшӡоит, ари уҭанархоит. Мрагылара аганахьала ҳгәыла сааҭкгьы иҭахым, аҵәы ҳахаҵаны ҳнарҳәаарҳәны ҳаиӡырцаз, аԥсуаа далырхит ажәак зхатәы бызшәала изымцәажәо ҳәа. Убри мацарагьы ҳазхәыцыр ауп. Атәыла хада имаҵзурахьы ицо идыруазароуп ихатәы бызшәа", - азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0