Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа аԥсуа театрқәа Маиҟәаԥ афестиваль алахәхаразы: аҟазара арҿиаразы ԥышәа бзиоуп

© SputnikАԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит Аԥснынтә атеатрқәа ҩба Адыгатәыла имҩаԥысуа "Кавказский меловой круг" алахәхара шыҟалаз атәы.
Арсалиаԥҳа аԥсуа театрқәа Маиҟәаԥ афестиваль алахәхаразы: аҟазара арҿиаразы ԥышәа бзиоуп

"Ари ашықәс ианалага инаркны Адыгатәылеи ҳареи иҳабжьаҳҵаз амеморандум аҿы лымкаала акультура аганахьала аус еицаҳуеит. Ааигәа Аԥсны иҟан акәашаратә ансамбль "Нальмес", Адыгатәыла имҩаԥысуан Аԥсны акультура амшқәа. Ҳкультуратә еиҭанеииаара иацҵо, иҳауит ааԥхьара, ҳтеатрқәа афестиваль иалахәхартә еиԥш. "Кавказский меловой круг" аиҿкааҩцәа ԥҟарас ирымоуп тәылак аҟынтә театрк анаԥхьара, аха ҳара аҳәара ҟаҳҵеит Аԥснынтә ҩтеатрк цартә еиԥш.  Сгәы иаанагоит Аԥсны атеатртә ҟазара аҿиаразы, аҿыц алагалақәа ҟаларазы, абас еиԥш иҟоу афестивальқәа рылахәра даара акыр зҵазкуа усуп ҳәа. Ҳарзыԥшуп ажәабжь бзиақәа ҳтеатрқәа рҟнытә", - ҳәа азгәалҭеит Арсалиаԥҳа.

Аԥсуа драматә театр ақәыргыламҭа "Бернарда Альба лыҩны", Аҿар ртеатр ақәыргыламҭа "Қьалашьбеи" алахәхоит Маиҟәаԥ имҩаԥысуа "Кавказский меловой круг" захьӡу атеатрқәа рфестиваль.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0