Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьоуа: Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа иаанарԥшит ашьақар чымазара шырацәоу

© Foto / предоставлено Гурамом ШоуаГәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Гурам Шьоуа
Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Гурам Шьоуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Гурам Шьоуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы адиспансеризациа актәи амш шымҩаԥысыз атәы.
Шьоуа: Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа иаанарԥшит ашьақар чымазара шырацәоу

Гәылрыԥшь араион ауааԥсыра активла адиспансеризациа ахысра иаҿуп, актәи амш азы 400-ҩык инареиҳаны ауааԥсыра рыҽгәарҭеит, урҭ рахьынтә 80-ҩык хәыҷқәоуп ҳәа азгәеиҭеит Шьоуа.

Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа аҿҳәарақәа еиҭакуп

"Адиспансеризациа мҩаԥысран иҟан хәымш, аха аныҳәақәа ахьыбжьалаз аҟнытә хымш ахь ииаргеит. Ҳколлегацәа ҳҳақьымцәеи дареи еидтәаланы аус руеит, ирҿаҳҵаауа даара ирацәоуп, русушьа абара ҳара ҳзы акыр иаԥсоуп. Ҳхәышәтәырҭаҿы иҳамаӡам ахәыҷтәы невролог, акардиологи, урҭ раара ҳара ҳзы цхыраара дууны исыԥхьаӡоит. Актәи амш азы адиспансеризациа иахысыз рыла иуҳәар улшоит ашьақар чымазара даара ирацәоуп ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Шьоуа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0