Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәынԥҳа: сынтәа аҵарашықәс ҳашкол аҟны ихҳаркәшартә аҭагылазаашьа ыҟам

© Sputnik / Томас ТхайцукСветлана Аргун
Светлана Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәа арҵаҩы Светлана Аргәынԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит рышкол аҟны сынтәа аҵаратә процесс иацырҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам ҳәа.
Аргәынԥҳа: сынтәа аҵарашықәс ҳашкол аҟны ихҳаркәшартә аҭагылазаашьа ыҟам

"Ашкол ахыб зегьы блит. Амцарцәаҩцәа иаразнак инеит ашкол аҷаԥшьҩы адырра шриҭаз, аха амцарцәара иадхалеит. Ашкол ахь унеиртә аҭагылазаашьа ыҟам, ахԥатәи аихагылаҟны ауаҩы иԥсҭазааразы ишәарҭоу ашьарсҭақәа аанахәит, аҭыԥқәа еиҟәыжәжәаны иаанхеит, аӡы иҩнарҭәаз анаҩсҟа ибжьнахит. Ахԥаҭәи аихагылахь унеиртә иҟам, ҳнеит аҩбатәи аихагыла аҟынӡа. Ҳаҩналаны иҳалшоз ахәыҷы дәылҳгеит: арҵага шәҟәқәа, ацхыраагӡақәа, ажурналқәа. Арҵага маҭәахәқәа, апартақәа, аишәақәа дәылганы џьара ҳцозар акәхап. Уажәазы уаҟа арҵаратә процесс ахыркәшаразы аҭагылазаашьа ҳауам. Аспорт зҽазыҟазҵо ахәыҷқәа, заа аԥышәарақәа азҭараны иҟоу ажәбатәи ажәеизатәи аклассқәа рҵаҩцәа уаҵәы латәарадатәи ашкол аҟны аԥышәарақәа арҭараны иҟоуп. Уи атәы ҳалҳәеит аҵара аҟәша аиҳабы. Ҳашкол иҭоу аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара зқьи ҩышәҩык рҟынӡа ыҟоуп, арҵаҩратә еилазаара акәзар 80-ҩык иреиҳауп", - лҳәеит Аргәынԥҳа.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0