Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Аиааира Ду амш азы имҩаԥгахо апарад атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Ҵәыџьба
Беслан Ҵәыџьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аиааира Ду амш азы Аҟәа аныҳәатә парад шеиҿкаахо атәы.
Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит Аиааира Ду амш азы имҩаԥгахо апарад атәы

"Мшаԥымза инаркны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игоу Аиааира амш азы апарад аҽазыҟаҵара ҳаҿуп. Иара шьақәгылазаауеит ашьаҟауаа рымацарала, атехника ҟалаӡом. Аҵыхәтәантәи аҽазыҟаҵара ҟалоит лаҵарамза 7 асааҭ жәаба рзы Амҳаџьараа рыԥшаҳәаҿы. Апарад иалахәхоит Урыстәылеи Аԥсныи рырхәҭақәа, иҟалоит 400-ҩык инареиҳаны аруаа. Аныҳәа ишаԥу еиԥш имҩаԥгахоит, иргылахоит апалаткақәа, аекспозициа ҳасабала еиҿкаахоит атехника ацәыргақәҵа. Иара иадгылазаауеит атехника зызку, изхәарҭоу атәы еиҭазҳәало аспециалистцәа", - азгәеиҭеит Ҵәыџьба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0