Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арҷелиаԥҳа: аԥсакра ахәыҷқәа рыԥсҭазааразы иаҳа ишәарҭоуп адуцәа рзы аасҭа

© Sputnik / Томас ТхайцукАнжела Арҷелиаԥҳа
Анжела Арҷелиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анжела Арҷелиаԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аԥсакрачымазара атерапиа аҟәша аиҳабы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ари ачымазара атәы.
Арҷелиаԥҳа: аԥсакра змоу ахәыҷқәа рыԥсҭазаара иаҳа ашәарҭара иҭагылоуп адуцәа раасҭа

"Аԥсакрачымазара ахәыҷқәа иаҳа ибааԥсны ирхыргоит, рыԥсҭазаарагьы иаҳа ашәарҭара иҭагылоуп. Иара ачымазара абжьааԥны шьҭрала ииасуеит, аха иҟоуп даҽа чымазарак иахҟьаны ианцәырҵуагьы. Иара иаразнак аҽунардырӡом, акыраамҭа ауаҩы ицәеижь иалазар ҟалоит, аха ауаҩы иԥынҵа еихачызар, аԥсыԥ лагаҩагара иаҳа ицәыуадаҩхазар, ицәа дафозар, уи аԥсакрачымазара шихьуа атәы зҳәо акәны иҟоуп. Аԥсакра абарбац чымазарақәа ирхыԥхьаӡалоуп, убри аҟнытә абарбац змоу иаҳа ргәарҽанызароуп. Ҳара иҳамоуп аԥсакрачымазаразы ашкол, ачымазаҩцәа рхы ишахылаԥшша рзеиҭазҳәо, ирзырдыруа. Аԥсакра даара ишәарҭоу ачымазара шакәу зегьы илыркаауазароуп", - азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0