Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиаԥҳа: досу уалԥшьас иԥхьаӡароуп аибашьра Ду аҿы ибжьаӡыз иҭынха ишьҭаҵаара

© Sputnik Екатерина Бебиаԥҳа
Екатерина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Аиааира Ду амш аламҭалазы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны хабарда ибжьаӡны иҟаз ланду иашьа илахьынҵахаз шеилкаахаз.
Бебиаԥҳа: досу иуалԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡозароуп аибашьра Ду аҟны ибжьаӡыз иҭынха ишьҭаҵаара

"Џьгьарда ақыҭан инхон Леои Чапеи ҳәа Кәасҭа Амҷба иԥацәа ҩыџьа, урҭ ԥшьҩык аиҳәшьцәа рыман. Аибашьра ианалага, Лео аруаҩын, иаразнак аибашьра дыргеит. Аҵыхәтәаны ишәҟәы ааит Керчынтә, агоспиталь аҟны дыхәны дышьҭоуп ҳәа. Анаҩс иԥсӡы ааит дҭахеит ҳәа, уи аӡәгьы идмырбаӡеит. Аха иашьеиҳабы иаҳаит, аброн шимазгьы, хҩык ахшара драбын иара, хатәгәаԥхарала еибашьра дцеит. Ажәакала, аишьцәа аҩыџьагьы уи аибашьраҟны иӡит. Дара санду лашьцәа ракәын. Есымша раҳәшьцәа хьаа дус ирыман рашьцәа рыхабар", - лҳәеит Бебиаԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит ҵыԥх Аиааира Ду аламҭалазы аинтернет аҟны иҭагалаз Урыстәыла атәылахьчара аминистрра арратә архив аҟынтә ишеилкаахаз Лео Амҷба Ростовтәи аобласт Новобатаиск ақыҭаҟны арратә ԥсыжырҭаҟны дышжу. Бебиаԥҳа иазгәалҭеит уаҟа ижу рыжәлақәа шанырымҵо ишьақәырӷәӷәахаанӡа, уи азы аҭынхацәа рыдҵаалара аҵакы шамоу.

Леон Чуаз - Sputnik Аҧсны
Арадио
Леон Чуаз: сымч-сылша зегьы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иазыскыр сҭахуп

"Ҳара арратә архив аҟынтәи адырра анҳау, ҳцеит Новобатаиск. Уаантәи иадҵаалеит арратә архив, ажәа ҳарҭеит ихьӡ шанырҵо. Маи 8 рзы афотосахьа соуит ҳҭынха Лео Амҷба Новобатаиск анышә дшамадоу ала аҩыра ахьану. Ҳара ҳзы ари акраҵанакуеит,  ихьӡ ахьанырҵаз аҟынтә иԥсы ҭаны даҳзыхынҳәызшәа азыҳаԥхьаӡоит", - лҳәеит Бебиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа рҭаацәа, рыуацәа рхабар иашьҭамлар, даҽа акыр шықәса ирлахьынҵахаз еилкаахом ҳәа.

"Аҭынхацәа рыҽдмырҵысыр, рҵеицәа рыхьыӡқәа архив аҟны ишану мацара инхоит. Досу иуалԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡозароуп аибашьра Ду аҟны ибжьаӡыз рҭынхацәа рышьҭаҵаара, рыԥшаара", - лҳәеит Бебиаԥҳа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥснынтәи еибашьуан адгьыл аҟны, ажәҩан аҿы, амшын аҟны. Урҭ рахьынтә 15 нызқьи 500-ҩык аԥсыуаан.

17 нызқьи 430–ҩык аибашьра адәы аҟынтәи рыҩныҟа изыхнымҳәит. Аԥсны иалҵыз 22 Асовет Еидгыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит, хҩык Ахьӡ-аԥша аорден аҩаӡарақәа рыхԥагьы ранашьан.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0