Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хьециаԥҳа: ауаа рымҩангараҿы ршәарҭадара зегьы ирыцку зҵаароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЕлла Хьециаԥҳа
Елла Хьециаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуристтә сезон ҿыци атранспорттә мҩақәеи захьӡу азҵаатәы иалацәажәон арадио Sputniк Аԥсны адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы. Атранспорттә фирма "А-Такси" ахада Елла Хьециаԥҳа илҳәеит амашьынарныҟәцаҩцәеи, иара убас урҭ ирымоу апассаџьыртә транспорти хылаԥшра шарҭо атәы.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Хьециаԥҳа атуристтә транспорт иазкны

"Амашьынақәа рҭагылазаашьа гәазҭо дара иныҟәызцо роуп, уи хылаԥшра арҭароуп. Амашьынарныҟәцаҩ мызкы аҩнуҵҟа ҩынтә-хынтә иааишьҭуеит имашьына асахьа ҭыхны, иара зеиԥшроу аилкааразы. Иҟоуп атехникцәа, ауаа рымҩангаразы амашьына ахьынӡашәарҭам еилызкаауа. Уи даара игәцаракны иҳамоу зҵаароуп. Дара арныҟәцаҩцәа ракәзар, урҭ рҭагылаазашьа гәарҭоит иара атакси ахархәаҩцәа, дара имҩанызго ауаҩы дыргәаԥхазар, мамзаргьы дыргәамԥхазар, ирымоуп алшара адырра ҳаҭартә еиԥш. Атакси арныҟәцаҩ аӡәы дизашшыр, уи анаҩс аусура аҟынтә ихы дақәиҭтәхоит", - азгәалҭеит Хьециаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0