Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беииаԥҳа еиҭалҳәеит аинрал Владимир Аршба изку ахәылԥаз шыҟало

© Sputnik Мзиа Беииаԥҳа
Мзиа Беииаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит аинрал Владимир Аршба ииубилеи иазку ахәылԥаз шыҟало.

Лаҵарамза 8 рзы Аԥсны Атәылахьчара раԥхьатәи аминистр, Аԥсны афырхаҵа, Леон иорденгьы занашьоу Владимир Аршба диижьҭеи 60 шықәса ҵит.

Беииаԥҳа еиҭалҳәеит аинрал Владимир Аршба изку ахәылԥаз шыҟало

"Урҭ амшқәа рзы аилахара ахьыҟалаз иахҟьаны лаҵарамза 30 рзы иақәҳаршәеит агәалашәаратә еилатәара. Ахәылԥаз аиҿкаара иалахәу ҳамацара ҳакәӡам, атәылахьчара аминистрра иҳадыргалаз аплан инақәыршәаны иҟаҵоуп. Ахәылԥаз аԥыза-министр иааиртуеит. Ааԥхьара рымоуп иҩызцәа, иҭаацәа, аӡәыр дҳацәбжьахазар, аҭамзаара шьҭаҵо ааԥхьара раҳҭоит арадио ҳхы иархәаны. Ахәылԥазы сааҭки бжаки имҩаԥысуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны, иалагоит асааҭ 14 рзы", - ҳәа адырра ҟалҵеит Беииаԥҳа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0