Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥшьлааԥҳа агәамсам азы: ҳаиҳабацәагьы авба руҭартә иҟоуп

© SputnikЛана Аԥшьлааԥҳа
Лана Аԥшьлааԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зхатәгәаԥхарала агәамсам арыцқьара зҽалазырхәхьо ажурналист, адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас Лана Аԥшьлааԥҳа иазгәалҭеит аҿар роуп иаҳа агәамсам казыжьуа ҳәа лассы-лассы ауаажәларраҿы иҟоу ацәажәара шиашам.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Аԥшьлааԥҳа агәамсам иазкны

"Ҳхы ҳацклаԥшуам зегьы, агәам ҳахьаақәшәо икаҳажьуеит, иара ааигәа агәамҭаԥсарҭа гылазарагьы. Ауаажәларраҿы ишьақәгылахьеит агәаанагара, аҿар роуп иаҳа агәам казыжьуа ҳәа, аха сара лабҿаба избахьоу асахьақәа иреиоуп ҳабацәа, ҳанацәа ирықәлоу, акырӡа иҳаиҳабу машьынала ицозар асаркьа аартны агәам карыжьуа. Усбасҵәҟьа амҩаду ианыланы ишцо ирку иахьырҭаху иаанрыжьуа. Сықәлацәа ус еиԥш ахымҩаԥгашьа анрыдызбало, "ус ҟашәымҵан!" ҳәа расҳәар сылшоит, аха исеиҳабу ус еиԥш авба сызиҭом, уи сацәыԥхашьоит", - ҳәа азгәалҭеит Аԥшьлааԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0