Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хапат: анхарҭа азҵаара ӡбахом администрациақәа рҟны ауаа жәашықәсала рҭыԥ рымԥсахлар

© Sputnik / Томас ТхайцукНизам Хапат
Низам Хапат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Хапат Аҟәа имҩаԥгаз аилатәараҟны иазгәеиҭеит анхарҭа аганахьала иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьо зегь раԥхьа иргыланы амаҵурауаа азакәан инақәыршаны акәымкәа русурҭа ҭыԥқәа рхатә ҭахрақәа рынагӡаразы аус ахьыруа шакәу.
Хапат: анхарҭа азҵаара ӡбахом администрациақәа рsҟны ауаа жәашықәсала рҭыԥ рымԥсахлар

"Ауаа рыцҳахеит, рызҵаара џьаргьы ирзыӡбаӡом. Ҳара даара иаҳԥырхагоуп администрациаҟны ауаа ԥсахрада аус ахьыруа. Адунеи атәылақәа рыҟны ауаҩы шықәсқәак ҭыԥк аҟны аус аниулак, даҽаџьара диаргоит. Уи ҟамлар, ҳара ахаан ауадаҩра иҟоу ҳзыӡбаӡом. Ҩажәа шықәса инацны ауаҩы амаҵураҟны даныҟоу, уи иара ихатә бизнес еиԥш дахәаԥшуа далагоит ииҭаху алихуеит ҳәа. Иахьа администрациақәа рыҟны унеир, аибашьра анеилга итәаз уажәыгьы уа иҟоуп", - азгәеиҭеит Хапат.

Анхарҭа азҵаара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит аԥшьашаҽны Ауаажәларратә палатаҟны. Шәкы инарзынаԥшуа ашшыԥхьыӡқәа  нашьҭын зынхарҭа змаркуа, мамзаргьы измырхыз ауаа рҟынтәи.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0