Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Убириа анхарҭа аимакразы аҭагылазаашьа зыхҟьо далацәажәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДаниил Убириа
Даниил Убириа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
25 шықәса раԥхьа Аԥсны иалцаз ақырҭцәа рынхарҭақәа рырхынҳәра азҵаара аусӡбарҭақәа рҟны ахәаԥшра ахьынӡаиашоу атәы далацәажәеит арадио Sputnik Аԥсны ефир аҟны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ лхаҭыԥуаҩ Даниил Убириа.
Хра злоу ахҭысқәа: Убириа анхарҭа азҵаара иадҳәалоу аимакқәа ртәы

"Аибашьра ашьҭахь Владислав Арӡынба Аԥсынтәыла азхаҵара дашьҭан, аҩнуҵҟатәи ҳзакәанқәа адунеитә ирҿагыло изыҟаҵомызт. Жәлар реизараҟны усҟан азакәан рыдыркылеит аибашьраан иаҳҿагылаз гьежьышьа шрымам, рмал шрыздмырхынҳәуа. Аха аамҭа анца, адунеитә закәанқәа шьаҭас иҟаҵаны, агәрагаратә шәҟәқәа рыманы иаауа иалагеит ҳара иҳахәҭоуп, ҳмеибашьит иаҳтәыз шәырхынҳәыроуп ҳәа. Азакәан анрыдыркылоз инарҵауланы иазымхәыцит, иадырбар акәын иеибашьуаз рҭаацәагьы рыуацәагьы ҳәа. Жәлар Реизараҟны актәи аԥхьараҿы азакәан рыдыркылахьеит иеибашьуаз рҭынхацәагьы ахынҳәреи анхара аимакреи рзы азин шрымам", - иҳәеит Убириа.

Анхарҭа азҵаара иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит аԥшьашаҽны Ауаажәларратә палатаҟны. Шәкы инарзынаԥшуа ашшыԥхьыӡқәа  нашьҭын зынхарҭа змаркуа, мамзаргьы измырхыз ауаа рҟынтәи.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0