Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дгьебуаӡе: Шьхатәыла Ҟарабах ҳтәылазы, ҳзыҟаҵаҩцәа рзы ҳахәмаруан

© Sputnik / Томас ТхайцукГьаргь Дгьебуаӡе
Гьаргь Дгьебуаӡе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны еизгоу амилаҭтә шьапылампылтә команда ахәмарҩы Гьаргь Дгьебуаӡе Шьхатәыла Ҟарабах рықәгылара ахәшьара аиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Дгьебуаӡе: Шьхатәыла Ҟарабах ҳтәылазы, ҳзыҟаҵаҩцәа рзы ҳахәмаруан

"Ахәмарра ҳанцоз иаҳа иҳаракыз аҭыԥқәа рзы акәын, аха ахԥатәи аҭыԥгьы ҳара ҳзы ибзиоуп. Ихәмаруаз ҳахьтә 60 процент рҟынӡа ҳзы ас еиԥш иҟоу аиԥылара раԥхьатәиин. Зегьы ҳхы бзианы иааҳарԥшит, иҳалшоз ҟаҳҵеит. Актәи ахәмарра аԥхьатәи азбжазы аҳауа ҳазхомызт, шьхатәылоуп азы, иаҳцәыцәгьан ахәмарра. Анаҩс ҳзыҟаҵаҩ иҳаиҳәеит ҳхы бзианы ишааҳарԥшыша, аҩбатәи азбжазы ҳанҭыҵ, ҳаибашьуан уҳәар алшоит, ҳахәмаруан ҳтәылазы, хзыҟаҵаҩцәа рзы", - иҳәеит Дгьебуаӡе.

Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа рконфедерациа аверсиала Шьхатәыла Ҟарабах имҩаԥысуан ашьапылампыл азы Европа ачемпионат рашәара 1 инаркны 9-нӡа. Аԥсны еизгоу акоманда ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0