Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашыг: ауаҩы агәырӷьареи аамҭа хьанҭеи дырзыҟаҵазароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, ателеканал "Абаза- ТВ" аиҳабы Руслан Ҳашыг иира амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аиҭеит.
Ҳашыг: ауаҩы агәырӷьареи аамҭа уадаҩи дырзыҟаҵазароуп

Руслан Ҳашыг ииун 14 аҽны иихыҵит 60 шықәса.

"Аусура зҭаху изы 60 шықәса аамҭа бзиоуп. Лафда иҟалом, асовет аамҭазы ирҳәалон аусура  уи ныҳәоуп, убри аҟынтә сиира амш аусураҟны исхызгоит. 60 шықәса уи рыцхуп, хымԥада, аха иҟоуп иазааигәоу даҽа мышкгьы "Абаза-ТВ" ателеканал аефирахь ианҭыҵыз амш, еилаҳагӡар ҟалап", -  иҳәеит Ҳашыг.

Ажурналист иазгәеиҭеит  иабиԥара аамҭа хьанҭа рхыргазаргьы, насыԥ змоу ракәны ииԥхьаӡоит, избанзар ахьанҭара ухазыршҭуа  алҵшәа иахаанхеит. Убри аан иҳәеит уи аҵакы шырацәоу, аҭакԥхықәрагьы шуднаҵо.

"Ҳазхааныз аамҭа аҳәынҭқара ду анеилаҳауаз, ҳажәлар ирхыргараны иҟаз ухаҿы аагара усҟан иуадаҩын, аха аԥыза дызмоу ажәлар, иуаажәлар ҭамырхакәа абахәқәа ирҿыганы, аӡеилашрақәа ирҭыганы, иҭамырхакәа, еиқәырханы изнысыз амҩа ҳаҭыр ақәҵаны аихаҳара амҩа рзеиӷьасшьоит. Иарбан абиԥаразаалак аҭоурых мҩа ирыднагало акаҿы иаҵамхо, аҵарадыррала иазхианы, аамҭа рҿаԥхьа иқәнаргыло, иахылҿиаарц зылшо ашәарҭарақәа иазыҟаҵаны, ҳҿар риааиуа амчи, агәалаҟазаареи, азыҟаҵареи рымазарц рзеиӷьасшьоит. Ауаҩы агәырӷьарагьы  дазыҟаҵазароуп, ицәырҵуа ауадаҩрагьы", - иҳәеит Ҳашыг.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0