Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аушьҭымҭа Гьемуа: аҵара ааныжьра сацәыԥхашьон, Аԥснынтә сназышьҭыз ансгәалашәоз

© Foto / из личного архива Саида ГемуаСаид Гьемуа
Саид Гьемуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу амцаҽацәыхьчаразы Москватәи академиа аушьҭымҭа Саид Гьемуа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аиқәырхаҩ изанааҭ залихыз, Москва иҵара ашықәсқәа шихигаз.

Иахьа Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит. Ԥхынгәы 4, 2006 шықәсазы Аԥсны ахада Сергеи Багаԥшь иусԥҟала иаԥҵан аҭагылазаашьа чыдақәа рзы аусбарҭа.

Аушьҭымҭа Гьемуа: аҵара ааныжьра сацәыԥхашьон, Аԥснынтә сназышьҭыз ансгәалашәоз

"Ари азанааҭ азҿлымҳара сзаҵан ауаа реиқәырхара, ԥсҭбара аҟамлара иахьадҳәалоу азы. Ашкол саналга 2014 шықәсазы алшара соуит иреиҳау академиа аҭаларазы. Хәышықәса аҵара ҳҵеит. Иҟан ианыуадаҩыз, акы анҳалымшоз, иаҳзымдыруаз амаҭәарқәа анҳақәшәоз, аха маҷ-маҷ ҳнапахьы иааҳгеит. Иҳаҩсыз амза 29 рзы Ашҭа ҟаԥшь аҟны зҵара хзыркәшаз зегьы ҳаурыжьит. Лев Константин-иԥа (Аҭагылазаашьа ҷыда аминистр - аред.) хаҭала аушьҭымҭацәа дҳадныҳәаланы адипломқәа ҳаиҭеит. Ашықәс анынҵәоз ҳахәшьарақәа гәеиҭон, аҵара шаҳҵоз еиликаауан. Есышықәса амаҭәарқәа ирыцлон, ианаҳцәыцәгьахоз, ҩынтә-хынтә сҵара аансыжьып ҳәагьы сазхәыцхьан, аха аҵарахьы ҳзышьҭыз аминистрра иара убас ҳҭаацәа раԥхьа  иԥхашьаран азы, ҳгәы камыжькәа ҳусқәа ҳаӡбон", - иҳәеит Гьемуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0