Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҟаитан еиҭеиҳәеит Аԥсуа баагәара ду абаашқәа ирыхьчоз, хықәкыс ирымаз

© SputnikШандор Ҟаитан
Шандор Ҟаитан  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбы, Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра аусзуҩ Шандор Ҟаитан арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуа баагәара ду абаашқәа рышьақәгылашьа, урҭ ҵакыс ирымаз.
Ҟаитан еиҭеиҳәеит Аԥсуа баагәара ду абаашқәа ирыхьчоз, хықәкыс ирымаз

"Ҳазхысыз абаашқәа – Кьалашәыр, Мархьаул уҳәа аҩадаҟа амраҭашәарахь ауп иахьыԥшуаз, убрантә акәын аӷагьы дшаауаз. Аха иҟоуп даҽа гәаанагарак, уи ҳаргьы ишьақәҳарӷәӷәоит, аҭӡы ахьымҩасуаз амҩа аҿыган иган ҳәа, иара убри ахьчон, аԥхьа иҟаз адгьылҵакырагьы ахьчон ҳәа. Уи амҩа шыҟаҵәҟьаз агәра угаратәы иҟоуп, ҳахьцалакгьы иара ҳбон. Амҩа аҵакы хадан, уажәтәи ҳаибашьраангьы Очамчыра араион ақыҭақәа зегьы еимнадон, иара астратегиатә ҟазшьа аман уҳәар алшоит. Ахыҵхырҭақәа жәпакы рҿы ари амҩа ар рымҩа ҳәа иарбоуп. Аха иара ахәаахәҭраҿгьы ихәарҭан. Археологиатә ԥшаарақәа рҿы ҳара иаҳԥыхьашәон акыцлых, анышәаԥшьӡы иалхны иҟоу амаҭәарқәа. Аха ишьақәырӷәӷәаҵәҟьаны уи уҳәар улшоит археологиатә ԥшаарақәа рышьҭахь", - азгәеиҭеит Ҟаитан.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0