Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭодуа "Аԥсуа литература ашедеврқәа" рзы: имаҷымкәа ауаа аднаԥхьалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГудиса Тодуа
Гудиса Тодуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Аԥсуа литература ашедеврқәа" арежиссиор Гудиса Ҭодуа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ақәҿиара ахьынӡамоу атәы.
Ҭодуа "Аԥсуа литература ашедеврқәа" рзы: имаҷымкәа ауаа аднаԥхьалоит

Ԥхынгәы 10, асааҭ 19 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҟны апроект "Аԥсуа литература ашедеврқәа" иҭагӡаны апоезиа абзиабаҩцәа арҿиамҭа шьахәқәа ирзыӡырҩыр рылшоит.

Гәдиса Ҭодуа: дазусҭазаалак иуаҩра дацәхьамҵлароуп

"Ари апроект хынтәны имҩаԥысуеит. Ҳара ҳархысхьеит араионқәа, апроект азҿлымҳара амоуп, имаҷымкәа ауаа аднаԥхьалоит. Еиҳарак уаргәырӷьоит апоезиа абзиабаҩцәа рхыԥхьаӡараҿы аҿар ахьырацәоу, лассы-ласс астудентцәа ҳҭаауеит", - иҳәеит Ҭодуа.

Иара адырра ҟаиҵеит апроект цәыбрамзазы "События" захьӡу Санкт-Петербург имҩаԥысуа афестиваль ахь ааԥхьара шамоу.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

 

Ажәабжьқәа зегьы
0