Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Вахтанг Ԥиԥиа ԥхынгәы 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа ирызкны

© SputnikВахтанг Пипия
Вахтанг Пипия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1989 шықәсазтәи ԥхынгәымзатәи ахҭысқәа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит урҭ ирылахәыз Вахтанг Ԥиԥиа.
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥиԥиа ԥхынгәы 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа ирызкны

"Даара ихьанҭоу мшқәоуп ииуль 15-16, - раԥхьатәи аидысларақәа ҟалеит, раԥхьатәи аԥсҭбарақәа. Аԥсуаа фҩык ҭахеит. Зегьы зыхҟьаз ақырҭцәа Аԥсны иаадыртыр рҭаххеит Қарҭҭәи ауниверситет афилиал. Аԥсуаа уи ҳзақәшаҳаҭхомызт, ҳара ҳуниверситет аус ауан. Амза 15-16 рзы мацара акәӡам, уаанӡагьы аиҿагыларақәа ҳаман. Дара ақәгыларақәа ҟарҵо иалагеит. Ақырҭуа театр ҳәа иашьҭан иахьа Аурыс театр ахьыҟоу, уи итәаны имлашьуа, маамынрас иҟоу зегь ҟарҵон. Аԥсуаа ҳаиҿкаара "Аидгылара" ахаҭарнакцәа шәааи анырҳәоз, зны афилармониаҟны ҳгылон. Аиҿагыларақәа рацәахеит.  Амза 15 аҽны Тҟәарчал ҳааизан аҷкәынцәа Аҟәаҟәа ҳааит. Сара апартиа иреиҳаӡоу ашкол сҭан, аԥхын аҩныҟа сааит. Есыҽны аҭагылазаашьа хьанҭахон. Аҟәа актәи ашкол ахьыҟаз ақәгылара ҟарҵап ҳәа акәын, ҳнеины ҳарҿагылеит. Раԥхьаӡа акәны уаҟа ҳаидыслеит ашьыбжьышьҭахь напышьашәала. Нас маҷ-маҷ ашҭа хадахьы хҽеизаҳго ҳалагеит аԥсуаа, дара амшын ахь рҽеизыргон. Тҟәарчалтәи аҷкәынцәа ирыбзоураны Леон имҩаду аботаникатә баҳча аԥхьа иҟарҵаз аԥжәарақәа ирыбзоураны дара аанкылахеит. Уи акәымызҭгьы даара аусқәа хьанҭахон, амашьына дуқәа ирықәтәаны хыхьтәи рымаҭәақәа ршәыхны рҽырцәгьаӡаны ашҭа хадахьы анеира ргәы иҭан", - иҳәеит Ԥиԥиа.

Раԥхьатәи ашьа: 1989 шықәсазтәи ииультәи ахҭысқәа Коба Ҷыҭанаа иблақәа рыла

30 шықәса раԥхьа ԥхынгәы 15-16 рзы Аԥсны иҟалеит ақырҭцәеи аԥсуааи реидысларақәа. Қырҭтәыла аекстремисттә ԥызацәа Гамсахәырдиа, Костава аԥсуаа ирҿагыланы имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа Аԥсны аҭагылазаашьа аруадаҩра иазырхан. Аидысларақәа раан 17-ҩык ҭахеит, 400-ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит. Уи аамҭазы аԥсуа милаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалагылаз аӡәырҩы ашьауӷатә ус иақәдыршәеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0