Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашԥҳа хаҵа имцакәа ахшара дзауз рзы: хшыҩла аус ӡбатәуп

© SputnikАстанда Хашба
Астанда Хашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иабанӡаԥхашьароу аԥҳәыс лзы хаҵа дымцакәа ахшара лоура, насгьы ҳәаак амазароума уи аҩыза ашьаҿа згәаӷьыз лықәыӡбара, абри имариам азҵаатәы азы арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ Асҭанда Ҳашԥҳа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ҳашԥҳа хаҵа имцакуа ахшара дзауз рзы: хшыҩла аус ӡбатәуп

"Аклассикатә ҭаацәараҿы ани аби ыҟазароуп, ахәыҷы урҭ рҩыџьагьы бзиа ибоит. Аха убас ианыҟалалак, аҭыԥҳа аҭаацәара далымлакәа ахшаара лцәа даналалак, хәымз-фымз рҟны днеины ишьра азин лымаӡам. Ауаҩы ихдырра убас иҟоуп, ииҭаххар, аус ишахәҭоу амҩа иқәиҵоит, ирԥшӡоит. Ҳмилаҭ шьҭаҳхыр ҳҭахызар, асаби диироуп, дышьтәӡам. Уи иаб дидимкыларгьы, ан лыжәла илҭааит. Хымԥада, ари азҵаатәы аҟны исҿагыло ҟалоит, аха аԥсҭазаараҟны аҭагылазаашьақәа еиԥшым. Анкьагьы, уажәгьы, ирҭаххар, аус аӡбашьа иақәшәоит хшыҩла, ҭаацәашәала еизхәыцны еидгылар. Аха аӡӷаб илхароуп ҳәа иналгәыдҵаны лышьра уи сақәшаҳаҭым, иҟалаз иашамзаргьы", - лҳәеит Ҳашԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0