Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахба: акредит ҟамлакәа асасааирҭақәеи, иара атуризми Аԥсны аҿиара роуам

© Sputnik / Томас ТхайцукАсҭамыр Ахба
Асҭамыр Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атуризм ахырхарҭала аус зурц зҭаху уи азы агәацԥыҳәара иоурц азы аҳәынҭқарра иҟанаҵо ацхыраара атәы, насгьы уалԥшьас иаду атәы, арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аотелиерцәа ргильдиа ахада Асҭамыр Ахба.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахба атуризм аҿиара иазкны

"Уи иԥсыҽны аус зуа хырхарҭоуп. Москва еиҿкаан иаҳзеиԥшу астенд, аха уи маҷуп, атуристтә компаниақәа иааргаз маҷуп, аӡыргаратә турқәа русура алҵшәагьы макьана иҟам, убри аганахьала аҳәынҭқарра еиҭа аус ауроуп, ацхыраара ҟанаҵароуп. Атуризм иаҿу ашәахтәқәа рымхра адагьы, иҿиарцаз аҳәынҭқарра ацхыраара ҟанаҵароуп. Урҭ ашәахәтәқәа аналало аҟнытә атуризм аҿиаразы хәҭак шьҭтәуп. Атуристтә наплакқәа ироуроуп акредитқәа. Уи аус даара иԥсыҽуп. Акык-ҩбак акредитқәа роургьы егьырҭ рхатәы мчыла аус руеит. Акредит ҟамлакәа асасааирҭақәа аҿиара роуӡом, иара атуризм ахаҭагьы аҿиара аиуӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Ахба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0