Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа араса абаџьазы: иаԥырхуеит, иаԥырҵоит - абри ҳаҿуп, ҳашьцылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара араса алгаразы абаџь аԥыхразы иҟарҵаз ақәҵара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ахҳәаа азыҟаиҵеит анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷиа арасазы абаџь аԥыхразы

"Ақәҵара анрыдыркылоз иаҳҳәеит ҳгәаанагара ари шыхьанҭоу, анагӡара шыуадаҩхо, аха усҟан иаҳзымӡырҩит, ҳара ҳхатәы феида ҳашьҭазшәа рбон. Нас иаҟәырхит, нас ҽазнык иаларгалеит – абри ҳаҿуп, ҳашьцылахьеит. Макьана ари анагӡара зауа усхоит ҳәа агәыӷрақәа ҳамаӡам. Аԥхьа ианрыдыркылозгьы уахыки ҽнаки ала ирыдыркылеит, нанҳәа 31 рзы нап аҵаҩын, цәыббра 1 аусура иалагеит. Иахьа аекономика ҳазхәыцуазар, ҳхатә ԥара ҳамаӡам. Аԥснынтә шаҟа тауар аекспорт ицо, уи ааҟара аекономиказы аҵакы ҳаракуп, избанзар, аԥара арахь иаауеит. Ахәырма кнаҳаны ишыбаауа анызбо, амандарина шыԥхысҭахо, са сзы ари анхаҩ ицәыӡыз феидоуп, Аԥсны аекономика иагхаз малуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0