Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Капԥҳа Аԥснытәи афилармониа асолистцәа рконцерт азы: апрограмма еснагь еиԥш иҿыцуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрифа Қапԥҳа
Арифа Қапԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аӡыргаразы аспециалист хада Арифа Капԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭалҳәеит нанҳәа 20 рзы аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысран иҟоу аконцерт апрограмма зеиԥшрахо.
Капԥҳа Аԥснытәи афилармониа асолистцәа рконцерт азы: апрограмма еснагь еиԥш иҿыцуп

"Нанҳәа 20 рзы имҩаԥысуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа рконцерт, иара асезон ҿыц аартра иазкуп. Ас еиԥш аконцерт есышықәса имҩаԥаагоит. Апрограмма еснагь иҿыцуп, афилармониа асценаҿы макьана иӡыргам арҿиамҭақәа рыла еиқәыршәоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟалоит ариақәа, аоперақәа. Асолистцәа рыбжьара иҟалоит Асида Шьакаиаԥҳа, Кристина Ешԥҳа, Елена Анқәабԥҳа, Нугзар Какалиа, Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба", - ҳәа азгәалҭеит Капԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0