Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба Боча Аџьынџьал изы: ҭеиҭыԥшлагьы ҩнуҵҟалагьы дбеиан

© SputnikВиссарион Ҵәыџьба
Виссарион Ҵәыџьба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟазараҭҵааҩ, ажурналист Боча Аџьынџьал иҟамзаара аԥсуа жәлар зегьы рзы цәыӡ дууп ҳәа азгәеиҭеит асахьаҭыхҩы Виссарион Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Аҟазараҭҵааҩы, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз аҵарауаҩ Боча Аџьынџьал идунеи иԥсахит нанҳәа 20 рзы, Санкт-Петербург.

Ҵәыџьба Боча Аџьынџьал изы: ҭеиҭыԥшлагьы ҩныҵҟалагьы дбеиан

"Ҭеиҭыԥшлагьы ҩнуҵҟалагьы ибеиаз, зегь рыла ҳажәлар рҭахрақәа, ргәаҳәарақәа ирзааигәаз, ахҭысқәа зегьы рыгәҭа иалагылаз Боча Аџьынџьал дахьҳаԥхаз асахьаҭыхыҩцәа мацара ҳзы акәым, аԥсуа культура, аԥсуа жәлар зегьы рзы цәыӡ дууп ҳәа сгәы иаанагоит. Иара занааҭла дҟазараҭҵааҩымызт, ихы аус адуланы уи аус иҽазикуеит. Ҳаԥхьаҟа Боча иеиԥш иҟаз ауаҩы ҳажәлар данрылагыло ҳәа сыздыруам. Иара иԥсҭазаара, инысымҩа зегьы, еиҳараӡак Александр Чачба-Шервашиӡе иҭоурых аҭҵаара иазикит. Аиашазы, Боча Аџьынџьал иакәымзар иахьа уажәраанӡа Александр Чачба-Шервашиӡе ииҩызи ипатриотизми ҳажәлар ирылаҵәаны изыҟамларгьы ҟаларын", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • Аламиа: Боча Аџьынџьал ҭыԥла иԥсадгьыл дацәыхаран, аха гәыла акыр дазааигәан

Ажәабжьқәа зегьы
0