Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: аибашьраан Европа атәылақәа Германиа аханатә иааныркылар рылшон, аха ирҭахымхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Аҩӡба
Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра шалагаз, уи зыхҟьаз амзызқәа ртәы.

80 шықәса раԥхьа цәыббра 1, 1939 шықәса рзы иалагеит Аҩбатәи Адунеизегьтәи еибашьра. Усҟантәи аамҭазы иҟаз 73 ҳәынҭқарра рҟынтәи 62 аибашьра иалахәын.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡба Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра иазкны

"Раԥхьа иргыланы изхарада аибашьра алагара, Германиа ма Польша акәу ҳәа азҵаара ақәыргылара иашамзар ҟалап. Германиа еиҿагылаз амчқәа ируакын, аха Польша излахәмаруаз ҳәынҭқарран. Аибашьра зыхҟьацәҟьаз агеополитикатә еиҿагыларақәа роуп. Иахьа акәзар, аӡбахә ҳҳәалоит Америка. Усҟан 1939 шықәсазы ицоз аимак-аиҿакқәа рҟны уи уамак иалахәӡамызт. Европа аҳәынҭқарра дуқәа рхыԥхьаӡараҟны иҟаз Англиеи Франциеи имҩаԥыргоз аполитикала иубоит Германиеи Асовет Еидгылеи еиҿанагаланы рымчқәа кәадахар шырҭахыз. Усҟан амчқәа шцоз ала, аибашьра хырԥашьа амамзар ҟаларын. Гитлер Германиа анапхгараҟны даннеи инаркны аҳәынҭқарра арратә мчы ашьҭыхра цон, уи рбон Европа аҳәынҭқаррақәа Британиа дуи Франциеи, аха иаҿагылаӡомызт. Дара аҿагылартә алшара ыҟан, избанзар Актәи Адунеизегьтәи аибашьраҟны Германиа аҵахеит, ауал ӷәӷәа ашәара рықәын. Аҳәынҭқарра дуқәа ирҭахымызҭгьы, аԥара рацәа аҳәаанырцәынтә ирырҭомызт ар аиҿкааразы, аха уи иаԥырхагамхеит. Ирҭахын Германиа ӷәӷәахар, Асовет Еидгыла иаҿагыланы рыҩбагьы рымчқәа каԥсар. Уи ала дара рымчқәа иаҳа ишьҭыҵыр рҭахын", - иҳәеит Аҩӡба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0