Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьынџьиа еиҭеиҳәеит Очамчыра араионтә школқәа аҵарашықәс иахьынӡазыхиоу

© Фото : из личного архиваФеликс Џьынџьиа
Феликс Џьынџьиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион Аҵара аҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион ашколқәа аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазыхиоу.
Џьынџьиа еиҭеиҳәеит Очамчыра араионтә школқәа аҵарашықәс иахьынӡазыхиоу

"Очамчыра араион ашколқәа зегьы аҵарашықәс иазыхиоуп. Акык-ҩбак иҳагқәоу ыҟазаргьы, иааизакны ашколқәа зегьы хылаԥшра раҳҭоит. Хаҭала аргылара хыркәшоуп Ҭхьынатәи абжьаратә школ. Ари ҳамҭа дуны иҟалеит уахь инеиуа ашколхәыҷқәа зегьы рзы. Иара убас Аҽгәарагьы ахәыҷқәа ашкол ҿыц рзаадыртит. Иара аибашьра ааилгеижьҭеи аус ауеит, аха аибашьраан ааха ӷәӷәа аҭан. Ахәыҷқәа шәҩык инарзынаԥшуа ақыҭаҿы иҟоу ҩ-ҩнык рҿы аҵара рҵон. Уажәазы уаанӡа ирымаз ашкол еиҭашьақәыргылоуп иҳәынтқарратәым адунеижәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыцхыраарала. Очамчыра араион ашколқәа зегьы иреиҳау хыбралеи, ашкол аҿы аҵара зҵо рылеи ақалақьтә школ №2 аҭагылазаашьа уадаҩын, иандыргылоз аамҭазы иҟаҵаз афымцатә цәаҳәақәа роуп иҟаз, дара арԥхагақәа рзычҳауамызт, ашкол абылра иалагеит. Убри аҟнытә ахыбра зегь аҿы ацәаҳәақәа рыԥсахразы аусурақәа цоит, аха урҭ рхыркәшара иахьӡом аҵарашықәс алагамҭазы. Очамчыратәи аҩбатәи ашкол аҵаҩцәа аҵарашықәс иалагоит мызкы анаҩс, жьҭаарамзазы", - иҳәеит Џьынџьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0