Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭыжәԥҳа ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа рзы: абызшәа здыруа исҳәо иаразнак ишьҭыркаауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМанана Ҭыжәԥҳа
Манана Ҭыжәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа рызнеишьа атәы, насгьы аҵара рагәылархалара атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит 35 шықәса рҵаҩыс ауз зуа, иахьа Аҟәатәи аԥшьбатәи ашкол алагараҭатә классқәа рырҵаҩы Манана Ҭыжәԥҳа.
Ҭыжәԥҳа ашкол ахь зшьаҿа еихызго ахәыҷқәа рзы: абызшәа здыруа исҳәо зегьы иаразнак шьҭыркаауеит

"Ахәыҷқәа раԥхьаӡа ианааиуа, сгәырӷьаҵәа, слахҿыхны сырԥылоит, бзиа избароуп ахәыҷқәа зегьы. Ҳәарада, аҭаацәа рхәыҷқәа иазыҟаҵан инаргоит, аха ҳара ҳазнагашьа ҽакуп. Актәи акласс аҿы аматериал хәмаррак аҳасабала инаҳгоит, аха зны-зынла иахҟьацәоит, нас дыртәара, рҭышәынтәалара даара иуадаҩхоит. Аурок аҿы аҵаҩы дӡырҩуазароуп, ус анакәымха, ицәыуадаҩуп аҵара. Аха абыржәтәи ҳхәыҷқәа уи рыцәмаҷуп, иаҳа иласуп. Абызшәа здыруа иаасҳәо зегьы минуҭк ала ишьҭыркаауеит, аха абызшәа анырмаҳалак ихьааргоит. Усҟан аурысшәахь саныиаслак, илақәа аацырцыруеит", - ҳәа азгәалҭеит Ҭыжәԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0