Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Смырԥҳа ашколқәа рбылраҽацәыхьчаратә шәарҭадаразы: ақыҭашколқәа иаҳа иуашәшәыроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАида Смыр
Аида Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АҶА абылраҽацәыхьчаратә хылаԥшра аинспектор еиҳабы Аида Смырԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа амцарцәагатә мыругақәа рыла иахьынӡеиқәшәоу атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Смырԥҳа абылраҽацәыхьчаратә шәарҭадара ашколқәа рҿы иазкны

"Ҳара игәаҳҭеит 209 аобект, арахь иаҵанакуеит ашколқәа, иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа, ахәыҷбаҳчақәа. Иааидкыланы зегьы ишақәнагоу иҟаҵоуп ҳазҳәаӡом, аха зынӡа акгьы ҟаҵам ҳәагьы ҳазҳәом. Иҟоуп ашколқәа, иреиҳаӡоу аҵариурҭақәа, ҿыц аиҭашьақәыргаларақәа ахьыҟаз, ҿыц арҽеирақәа ахьыҟаз, уа аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьуп, избанзар аремонттә усурақәа раан уи азԥхьагәаҭан. Аха абылра аԥшаареи арцәареи система ианықәургылалак ашьҭахь, ахылаԥшара аҭахуп. Уи агуп ҳҵаратә усбарҭақәа рҿы. Иҟоуп афирмақәа, дара ҳара ҳҿы ироуеит аусуразы алицензиақәа. Аобиектқәа зегьы рҿы афинанстә лагаладагьы иҟарҵаша ыҟоуп, уахь иаҵанакуеит абылраҽацәыхьчара аганахьала аҭакԥхықәра зду аӡәы иалхра. Иара инапы ианызароуп афымцатә цәаҳәақәа ргәаҭара, арԥхагақәа рышьақәгылашьа. Ирацәаны иагом амцарцәагатә маҭәахәқәа раахәарагьы. Амцәарцәагақәа рыла еиқәыршәазароуп ахыбра зегьы", - ҳәа еиҭалҳәеит Смырԥҳа.            

Аинспектор лажәақәа рыла, ақалақьтә школқәа амцарцәагатә система ықәыргылан ирымамзаргьы, иаҳа рҭагылазаашьа еиӷьуп егьырҭ арбагақәа рыла. Ақыҭашколқәа еиҳа иуашәшәыроуп, ирыгу иаҳа ирацәоуп ҳәа азгәалҭеит Смырԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0