Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Хагәышь: Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҿы абызшәа адырразы уаҳа аихаҳара ҟамлеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБатал Хагәышь
Батал Хагәышь  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит абитуриентцәа рыбжьара ишыҟаз збызшәа хьысҳаны издыруа ахәыҷқәа.
Хагәышь: Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҿы абызшәа адырразы уаҳа аихаҳара ҟамлеит

"ААУ абызшәазы акомиссиа ҳамоуп, абитуриентцәа ирдыруа-ирзымдыруа алкаақәа рыҟаҵаразы. Ҳаҩнуҵҟатәи аиҿцәажәара ашьҭахь иҳадыҳкылаз зегьы Аҵара аминистррахь иҳашьҭуеит, "абри ашкол аҿы аԥсшәаҵара ыҟаӡам", "ари аҿы ибзиан ирдыруеит", "ари абри иахылаԥштәуп" ҳәа зегь раԥхьа инаганы иқәаҳҵоит ҳәа.  Есышықәса ус ҟаҳҵоит ҳара. Уи ацхыраара унаҭоит", - ҳәа азгәеиҭеит Хагәышь.   

Абызшәа аҵараҿы ихьысҳау ашколқәа ртәы далацәажәауа, Баҭал Хагәышь иҳәеит Аҟәатәи ажәабатәи ашкол аҿы аҭагылазаашьа аҽшамԥсахыз.  

"Аӡәгьы игәы иалымсааит, аха Аҟәатәи ажәабатәи ашкол абызшәа аганахьала уаҳа аиҵыҵра амаиуит. Уаҳа абызшәазы аихаҳара ҟамлеит, ишыҟац еицәамзар, еиӷьхаӡом. Аҭоурых атәы ҳҳәозар, ақыҭантә иааз ахәыҷқәа иаҳа аҭоурых бзианы ирдыруеит ақалақьтәиқәа раасҭа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагәышь.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0