Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба: алхрақәа рнаҩс иҵегьы ҳаиӷьхап, ҳаицәамхап ҳәа ҳгәыӷуеит

© Foto / Бадрак АвидзбаАрвелод Тарба
Арвелод Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба алхрақәа рнаҩс иҵегьы ҳаиӷьхап ҳәа иҳәеит Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз.
Ҭарба: алхрақәа рнаҩс иҵегьы ҳаиӷьхап, ҳаицәамхап ҳәа ҳгәыӷуеит

Аҳҭнықалақь аҟны аус зуа Sputnik акорреспондентцәа ауаа рыҿцәажәараан еилыркаауан Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟынтәи иззыԥшу. Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны иҟоу зегьы еицырдыруа акаҳуажәырҭа аҭааҩцәа абжьыҭара рхы алархәны аԥхьаҟа аԥсҭазаара шыҟалаша иалацәажәон. Урҭ руаӡәк, аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Кавказ" асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба иҳәеит арҭ алхрақәа гәыӷрас ирыдеиҳәало.

"Алхрақәа рҟынтәи ҳаззыԥшуи? Иҵегьы ҳаиӷьхап ҳәа ҳгәыӷуеит, нас имгәыӷцкуа иԥсхьада? Зынӡагьы ишырҳәало еиԥш ҳанҵәаны, ҳаилаҳанӡагьы ҳаҟаӡам, хар ҳамам. Ҳаԥхьаҟа ҳазлаҟоу ҳаицәамхо, аизҳара Анцәа иҳаиҭрц ҳиҳәоит", - иҳәеит Ҭарба.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0