Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа Пицунда ауарӷантә хәылԥазқәа рзы: иреиӷьу амузыкатә сценақәа рартистцәа алахәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЕльвира Арсалиаԥҳа
Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит Пицунда имҩаԥысуа ауарӷантә хәылԥазқәа рфестиваль аҩаӡара.

Иахьа Пицунда иаатуеит Жәларбжьаратәи ауарӷантә хәылԥазқәа рфестиваль.

Арсалиаԥҳа Пицунда ауарӷантә хәылԥазқәа рзы: иреиӷьу амузыкатә сценақәа рартистцәа алахәуп

"Бжьышықәсоуп аибашьра ашьҭахь еиҭашьақәыргыланы имҩаԥысуеижьтеи афестиваль, уи зыбзоуроу, ҳәарада, Аԥсны Жәлар рартист Марина Шамԥҳа лоуп. Сынтәа уи рхы аладырхәуеит Урыстәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҟынтәи, Германиеи Иапониеи рҟынтәи еицырдыруа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рлауреатцәа. Есышықәса цәыббразы амузыкаҟны зԥышәа дуу, згьама ҳараку азыӡырҩы иоума, иара амузыка знапы алаку иоума аҭагылазаашьа имоуп Пицунда имҩаԥысуа афестиваль даҭаартә, иреиӷьу амузыкатә сценақәа рҟны иқәгыло артистцәа рконцерт азыӡырҩразы", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0