Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Азиндырҩы Габуниа: ауаҩы имоуз абыжьқәа - уи иҿагылоу быжьқәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГеоргий Габуния
Георгий Габуния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азиндырҩы, Адипломатиатә академиа аспирант Гьаргь Габуниа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит аҳәынҭқарра ахада иалхра иазку аконституциатә закәан 19 ахәҭаҷ ахәҭакы аилыркааразы.
Хра злоу ахҭысқәа: азиндырҩы Габуниа алхрақәа рылҵшәақәа ирызкны

"Сгәы иаанагоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инеир ари азҵаара уаҟа акәҵара рыдкылахоит "ауаҩы имоуз абжьы уи иара иҿагылоу бжьуп" ҳәа, анаҩсан иҟоуп аграфа "зегьы ирҿагылоу". Сгәаанагарала иахьазы ирыдыркылаз аӡбамҭа уаанӡа Алхратә комиссиа хадахьы инагыз ашәҟәқәа шьаҭас ироуит ҳәа. Убри аан зынӡа изакәантәуп ҳәа ԥхьаӡашьа амам ҳәа. Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь акандидат иҟынтәи ашшыԥхьыӡ неир уи азеижәтәи ахәҭаҷ аилыркаара акәӡам изыдҳәалахо, Алхратә комиссиа хада иаднакылаз ақәҵара изакәантәуп изакәантәым иԥхьаӡазароуп ҳәа. Иреиҳазоу аӡбарҭа изакәантәым ҳәа иаднакылар усҟан аиҭалхрахьы амҩа иқәырҵоит", - иҳәеит Габуниа.

Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа инарықәыршәаны Рауль Ҳаџьымба изы рыбжьы арҭеит 47, 38% алхыҩцәа, Алхас Кәыҵниа 46, 19%. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит 3154 –ҩык алхыҩцәа.

Апартиа "Амцахара" аԥхьагыла Алхас Кәыҵниа алхрақәа рылкаақәа дрықәшаҳаҭым, аус аӡбарҭа иеиҭараны дыҟоуп.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0